Аусеицуразы Амеморандум рыбжьарҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭеи Сибратәи ахархәаратә кооперациақәа руниверситети аусеицуразы амеморандум рыбжьарҵеит.

Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳаи Сибратәи ахархәаратә кооперациақәа руниверситет аректор Валентина Иван-иԥҳа Бакаитиси.

 Знапы зҵарҩыз амеморандум аҩганк рыбжьара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны аусеицуразы алшарақәа раҧҵареи ҧхьаҟатәи русеицуреи алнаршоит. Иара убас уи еицырзеиԥшу арҵагатә программақәеи апроектқәеи, азанааҭтә ԥышәа аизырҳареи ирызкуп.

Аусеицура ахырхарҭа хадақәа:

1.Азакәантә анализи аиҿырԥшратә закәани:

- Амилаҭтә зинтә системақәеи, азакәанԥҵаратә актқәеи, аусӡбарҭатә зинқәеи рзы аԥышәеи адыррақәеи реимадара.

- Азакәантә нормақәеи астандартқәеи реиқәшәаразы аметодологиатә абжьгарақәа реицҭҵаара.

  1. Аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа:

- Аконституциатә зин, аекономикатә еизыҟазаашьақәа рзинтә еиҿкаара, егьырҭ актуалтә зҵаарақәа рзы еицырзеиԥшу аҭҵаарақәа рымҩаԥгара.

- Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рылацәажәареи абжьгарақәа рыҟаҵареи рзы аконференциақәеи, асеминарқәеи, адискуссиатә платформақәеи реиҿкаара.

  1. Иалкаау аҵара:

- Аӡбаҩцәеи, аӡбарҭақәа русзуҩцәеи, егьырҭ азакәандырҩцәеи рзы иҿыцу аҵаратә программақәа реиқәыршәареи рынагӡареи.

- Астудентцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рзы аҧышәа аизырҳара иазку акурсқәа  реиҿкаара.

Акультуратә еимдара:

- Акультурабжьаратәи аиҿцәажәареи аилибакаареи рырӷәӷәара иазынархоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара.

  1. Аексперттәи аналитикатәи усмҩаԥгатәқәа:

- Актуалтә зинтә зҵаарақәа рзы еицырзеиԥшу аексперттә хәшьарақәеи аналитикатә ҭҵаарақәеи.

- Азакәантә еиҿкаареи азакәанхьчаратә практика аиӷьтәреи рзы ажәалагалақәа рыҟаҵара.

Иарбоу амеморандум аганқәа рыбжьара хара имгакәа аҩганк рзы ихәарҭоу аусеицура ашьаҭа шьақәнаргылоит.

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт