Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара Ахантәаҩы
Ҧлиа Диана Едуард-иҧҳа
Диит цәыббрамза 15, 1967ш. ақ.Гәдоуҭа Аҧснытәи АССР.
1984ш.рзы ибзиаӡаны далгеит Аҟәатәи №20 абжьаратә школ.
1989ш. рзы ибзиаӡаны далгеит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет, «Азиндырра» азанааҭ ала, «азиндырҩы» иквалификациа лыҭан. 1989ш. инаркны аус луан Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет «Аҳәынҭқарреи азини» акафедра аҟны лаборантс.
1991ш. инаркны иахьа уажәраанӡа Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет «Аҳәынҭқарреи азини» акафедра аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, арҵаҩы еиҳабы, адоцент.
2003-2015 шш.- Аҟәа араион аҳәынҭқарратә анотариалтә контора №2 аҳәынҭқарратә нотариус.
2007-2010 шш.- О.Е.Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә азиндырратә академиа латәаратәи аҟәша аспирант, азиндырратә ҵарадырра акандидат, административтә зин азы 10 инарзынаҧшуа аҭҵаарадырратә усумҭақәа равтор.
2013 шықәса инаркны – Жәларбжьаратәи азиндырҩцәа рхеилак Акоординациатә еилакы алахәыла.
Лаҵарамза 2015 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Идҵа инақәыршәаны Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩыс дҟаҵан.
Жәабранмза 2017 ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩс далхын (Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара - Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент №4361-с-V жәабран 10 2017 ш.). Иреиҳау аквалификациатә класс лыҭан.
Лаҵарамза 15 2017 шықәса – Аҧсны Анаукақәа р-Академиа Аекономикеи азини р-Институт аҟны аҭҵаарадырразы Адиректор ихаҭыҧуаҩ.
Хәажәкырамза 1 2021 шықәса – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ.
Абҵара 25 2022 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада А.Гь.Бжьаниа Идҵа №330 инақәыршәаны, азакәани азинлеишәеи рырҕәҕәареи, аконституциатә шьақәгылашьеи, атәылауааи аиҿкаарақәеи рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара аус аҟны лылшамҭақәеи, лзанааҭдырра ҳараки рзы иланашьан «Аҧсны Аҳәынҭқарра Зҽаҧсазтәыз азиндырҩы» ҳәа ахьыӡ ҳаракы.
Хәажәкыра 1 2024 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара Ахантәаҩыс далхын.
Мшаҧымза 3 2024 шықәса раахыс - Аҧсны Анаукақәа р-Академиа Аекономикеи азини р-Институт аҟны аҭҵаарадырразы Адиректор инапынҵақәа налыгӡоит.
Лаҵарамза 16 2022 шықәса инаркны лаҵарамза 15 2025 шықәсанӡа - «О.Е.Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә азиндырратә университет» иреиҳау аҵарадырразы аҳәынҭқарратә Афедералтә биуџьеттә ҵараиурҭа Административтә зини апроцесси ркафедра адокторант.
Аҧсны Аҳәынҭқарра аиустициа Аминистрра, О.Е.Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә академиа, Урыстәылатәи Афедерациа аҵарадырреи аҭҵаарадырреи Аминистрра, Н.И.Лобачевски ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә университет уҳәа рҟынтә иланашьоуп аҳаҭыртә шәҟәқәеи адипломқәеи.
Ҩыџьа ахшара дрануп.