Ҧанҭиа Раули Константин-иҧа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара ахантәаҩы лхаҭыҧуаҩ
Диит мшаҧымза 7 1962 шықәса рзы Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан.
1979 ш. рзы далгеит Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ №2.
1980 – 1983 шш. рзы Асовет Еидгыла Арра-Амшынтә флот аҟны аррамаҵзура дахысуан.
1989 шықәса рзы далгеит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет «Азиндырра» азанааҭ ала, «азиндырҩы» ҳәа аквалификациа иҭан.
1989 – 1994 шш. рзы Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ №2 аҟны рҵаҩыси ааӡаратә ус азы адиректор ихаҭыҧуаҩыси аус иуан.
1994 шықәса – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгарҭа Аҳәынҭқарратә абжьгаҩ. (Аминистрцәа Рхеилак Ақәҵара 01.02.1994 ш.).
1996 шықәса - Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара аҟны Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, азиндырра, аекономикатә полициа, аӡбарҭақәа, апрокуратура Ашәарҭадаратә Маҵзура аус рыцуразы ареферент (Аӡбара №115р, 03.02.1995ш.).
1997 шықәса - Аҧсны Аминистрцәа реилазаара аппарат административтәи азинхьчаратәи органқәа рыҟәша ареферент еиҳабы. (Аӡбара №103р, 20.02.1997 ш.).
2000 шықәса - Аҧсны Аминистрцәа реилазаара азинтә ҟәша ареферент еиҳабы. (Аӡбара №12р, 17.01.2000 ш.).
2003 шықәса - Аҧсны Аминистрцәа реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы. (Аӡбара №352р, 11.07.2000 ш.).
2004 шықәса - Аҧсны Аминистрцәа реилазаара азинтә департамент анапхгаҩы. (Аӡбара №520р, 31.12.2004 ш.).
Лаҵарамза 2005ш. инаркны – Аҧсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистр ихаҭыҧуаҩ (Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ақәҵара №89, 06.05.2005ш.)
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟа ала (№ УП-134, 03.10.2006ш.) «III акласс змоу Аиустициа аҳәынҭқарратә абжьгаҩы» ачын иҭан.
Абҵарамза 22 2016 шықәса рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩыс далхын (Аҧсны Жәлар Реизара - Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент Ақәҵара №4274-с-V 22 2016 ш.). Иреиҳаӡоу аквалификациатә класс иҭан.
Далахәын 1992 – 1993 шықәсқәа рзтәи Аҧсны Жәлар р-Џьынџьтәылатә еибашьра . Ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.
Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.
Бигәаа Алиса Зураб - иҧҳа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩ
Диит нанҳәа 29 1968 ш. рзы ақ.Аҟәа Аҧснытәи АССР.
1986ш. рзы далгеит Н.А.Лакоба ихьыӡ зхыу Аҟәатәи аҧсуа абжьаратә школ араӡны амедал ала.
1986ш. рзы дҭалеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых- зиндырратә факультет «Азиндырра» азанааҭ ала, далгеит 1991ш. рзы, аиурист иквалификациа лырҭеит.
Жьҭаарамза 1991 шықәса рзы ақ.Аҟәа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аӡбаҩыс даҭан.
Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратура аорганқәа рҟны аус луан 1993 шықәса раахыс:
-жәабранмза 1993 ш. рзы Аҟәа ақалақь апрокурор ицхырааҩыс дыҟан;
-хәажәкырамза 1996 ш. рзы Аҟәа ақалақь апрокурор ихаҭыҧуаҩыс дҟаҵан;
-абҵарамза 2005 ш. рзы Аҟәа ақалақь апрокурорс дҟаҵан;
-абҵарамза 2010 ш. рзы аҩбатәи аконституциатә ҿҳәара азгәаҭаны Аҟәа ақалақь апрокурорс деиҭаҟаҵан.
Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада Идҵа №26, 15.04.2004 ш. инақәыршәаны иаанылкылоз амаҵзура иахыҳәҳәоз акласстә чын лыҭара ала далкаан – аиустициа абжьгаҩ еиҳабы ҳәа акласстә чын лыҭан.
Мшаҧымза 2014 ш. рзы изаамҭанытәу акласстә чын лыҭан – 3 акласс змоу аиустициа аҳәынҭқарратә абжьгаҩ ҳәа.
Жьҭаарамза 2015 ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аҟны иҷыдоу аусқәа рзы ацхырааҩ еиҳабыс дҟаҵан.
Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада Идҵа №138, 14.04.2009 ш. инақәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада иҟынтә иланашьан Аҳаҭыртә бҕьыц.
Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада 15.04.2011 ш.инапы зҵеиҩыз Адҵа №119, инақәыршәаны иланашьан «Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратураҿы аусура бзиазы» агәышҧтәы дырга.
Урыстәылатәи Афедерациа Аусҭҵааратә еилакы Ахантәаҩы 14.02.2014 инапы зҵеиҩыз Адҵа №44-кца/п инақәыршәаны иланашьан «Аусеицуразы» Урыстәылатәи Афедерациа Аусҭҵааратә еилакы амедал.
27.03.2014 ш. рзы анапы зҵаҩыз аусҧҟа ала Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ашәарҭадаратә маҵзура ахьӡала «Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аорганқәа ацхыраара рыҭаразы» Аҳаҭыртә дырга ала далкаан.
Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада 14.04.2014ш. рзы инапы зҵеиҩыз Адҵа №106 инақәыршәаны иланашьан «Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Ҳаҭыр зқәу аусзуҩы» ҳәа ахьӡ ҳараки, агәышҧтәы дыргеи.
2017 шықәса раахыс – Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет «Ашьаустә зини апроцесси» акафедра арҵаҩы.
Жәабранмза 2018 ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩыс далхын (Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара - Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент №4561-с-VI, 12 жәабран 2018ш.), иреиҳау аквалификациатә класс лыҭан.
Абҵара 25 2022 ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада А.Гь.Бжьаниа Идҵа №331 инақәыршәаны, азакәани азинлеишәеи рырҕәҕәареи, аконституциатә шьақәгылашьеи, атәылауааи аиҿкаарақәеи рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара аус аҟны лылшамҭақәеи, лзанааҭдырра ҳараки рзы иланашьан «Аҧсны Аҳәынҭқарра Зҽаҧсазтәыз азиндырҩы» ҳәа ахьыӡ ҳаракы.
Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара дрануп.
Ҭаниа Нури Арзадын-иҧа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩ
Диит мшаҧы 15 1964 шықәса рзы Гәдоуҭа араион ақ. Хыҧсҭа Аҧснытәи АССР.
1981 шықәса рзы далгеит Гәдоуҭа араион Хыҧсҭа ақыҭантәи абжьаратә школ.
1982-1984 шш. рзы Асовет Ар рырхәҭақәа рҟны аррамаҵзура дахысуан.
1989ш. рзы далгеит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-азиндырратә факультет «Азиндырра» азанааҭ ала.
1989-1991шш. рзы – Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа аӡбаратә уснагӡаҩы.
1991-1992шш. рзы – Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аоперативтә усзуҩы.
1982 ш. рзы - Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа азинмчы змоу ацуҭа аинспектор.
1992 -1993 шш. рзы - Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵаара аҟәша аусҭҵааҩы.
1993 – 1997 шш. рзы – Гәдоуҭа араионтә прокуратура аусҭҵааҩы.
Лаҵарамза 1993 шықәса рзы «2 акласс аиурист» ҳәа акласстә чын иҭан.
Абҵарамза 27 1996 шықәса рзы «1 акласс аиурист» ҳәа акласстә чын иҭан.
1997 – 2005 шш.рзы – Гәдоуҭа араион апрокурор.
Абҵара 24 1999 шықәса рзы «аиустициа абжьгаҩ еиҵбы» ҳәа акласстә чын иҭан.
2002 шықәса рзы «аиустициа абжьгаҩ» ҳәа акласстә чын иҭан.
2006 – 2008 шш. рзы – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусҭҵаара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан.
2008-2009 шш. рзы – Гәдоуҭа араионтә Еизара аиурист.
2009-2011шш. рзы – Аҟәа араион апрокурор ихаҭыҧуаҩ.
Абҵара 25 2014 шықәса рзы – Гәдоуҭа араион апрокурор инапынҵақәа наигӡон.
Абҵара 25 2014 шықәса рзы «Аиустициа абжьгаҩ еиҳабы» ҳәа акласстә чын иҭан.
Ҧхынгәы 17 инаркны цәыббрамза 28 2015 шықәса – Гәдоуҭа араион апрокурор.
Цәыббра 28 2016 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа – Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада.
Ҧхынҷкәын 22 2016 шықәса рзы «3 акласс змоу Аиустициа аҳәынҭқарратә абжьгаҩы» акласстә чын иҭан.
Жьырныҳәамза 2017 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩс далхын, иреиҳаӡоу аквалификациатә класс иҭан (Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара - Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент №4339-с-V, 18 жьырныҳәа 2017).
Дҭаацәароуп хҩык ахшара драбуп.