Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩ-амаӡаныҟәгаҩ
Хоџьашвили Лиудмила Платон-иҧҳа
Диит абҵарамза 6 1957 шықәса рзы Гәдоуҭа араион ақ.Лыхны.
1974 шықәса рзы Лыхнытәи абжьаратә школ далгеит.
1986 шықәса рзы М.Горьки ихьыӡ зхыу Туркментәылатәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет далгеит.
1973 шықәса инаркны лаҵарамза 1980 шықәсанӡа – Туркментәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаустә коллегиа амаӡаныҟәгарҭа аиҳабы, аӡбаратә еилатәара амаӡаныҟәгаҩ, Туркментәыла аиустициа аминистрра абжьгаҩ еиҳабы.
Лаҵарамза 1980 шықәса инаркны цәыббрамза 1983 шықәсанӡа – Туркментәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы аӡбарҭа аилатәара амаӡаныҟәгаҩ.
Жьырныҳәамза 1981 шықәса инаркны хәажәкырамза 1987 шықәсанӡа – Туркментәыла аиустициа аминистрра абжьгаҩ еиҳабы.
Хәажәкырамза 1987 шықәса инаркны хәажәкырамза 1995 шықәсанӡа – Туркментәыла Апролетартә ӡбарҭа жәлар рыӡбаҩ.
Лаҵара 23 1995 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистр ихаҭыҧуаҩыс дҟаҵан (Ақәҵара №158, 23.05.1998ш.)
1997 шықәса – Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет «Аграждантә зини апроцесси» акафедра арҵаҩы еиҳабы.
Мшаҧымза 2005 ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Идҵа ала (№УП-76, 07.04.2005 ш.) Аҧсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистрра аминистрс дҟаҵан (Ахада Идҵа №УП-51, жәабран 26 2019 шықәса, амаҵзура шьақәырҕәҕәоуп).
2005 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа - Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет «Аграждантә зини апроцесси» акафедра аиҳабы, адоцент.
Мшаҧы 7 2005 шықәса инаркны жәабран 26 2010 шықәсанӡа – Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа аҟны анагӡаратә мчра ахаҭарнак.
Жьҭаара 3 2006 шықәса рзы (Ахада Идҵа УП-133, 03.10.2006) «1 акласс змоу Аиустициа Аҳәынҭқарратә абжьгаҩ» ҳәа акласстә чын лыҭан.
2011 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа – Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рквалификациатә коллегиа Ахантәаҩы.
Абҵарамза 22 2016 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩс далхын (Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара - Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент №4276-с-V. 22 абҵара 2016). Иреиҳаӡоу аквалификациатә класс лыҭоуп.
Жәабран 22 2018 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара Ахантәаҩы Ихаҭыҧуаҩыс далхын.
Аҧсны Жәлар Реизара - Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент Ақәҵарала Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара аҿиара аус аҟны ллагалазы иланашьан Аҳаҭыртә бҕьыц (№4511-с-VI, 12.12.2017).
Жьҭаарамза 14 2022 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада А.Гь.Бжьаниа Идҵа №279 инақәыршәаны, азакәани азинлеишәеи рырҕәҕәареи, аконституциатә шьақәгылашьеи, атәылауааи аиҿкаарақәеи рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчареи аус аҟны лылшамҭақәеи, лзанааҭдырра ҳараки рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет «Аграждантә зини процесси» акафедра адоцент Хоџьашвили Лиудмила Платон-иҧҳа иланашьан «Аҧсны Аҳәынҭқарра Зҽаҧсазтәыз азиндырҩы» ҳәа ахьыӡ ҳаракы.
Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара дрануп.