III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа апленартә еилатәара

 

Аҧсны Аконституциа ашьақәгылара 30 шықәса ахыҵра иазкны Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа аҟны имҩаҧган азакәандырра иазку  ауснагӡатәқәа.

Уи хацыркын III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аҳәынҭқарратә мчра : ашьақәгылареи аусуреи рызҵаарақәа» - апленартә еилатәара ала.

 

Аилатәара аалыртит Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳа. Уи лықәгылара аҟны иазгәалҭеит,  ҳҳәынҭқарра аҭоурых  аҟны Азакәан Хада ашьақәгылара аамҭа уадаҩрақәа ишрылсыз.

 

Ауснагӡатә иацҵан  Аҧсны Аконституциа ашьақәгылара иазку анҵамҭа аӡыргара ала.

Анаҩс Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахьӡала иаашьҭыз  адныҳәаларатә шәҟәқәа ирыҧхьеит.

Апленартә еилатәара аҟны иқәгылеит :

А.А. Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ Уаҧстәылатәи аҳәынҭқарратә университет аректор Вадим Тедеев.

Пиатигорсктәи азиндырратә университет аиҳабы Лиудмила Тхабасимова.

Сибратәи ауниверситет азиндырратә факультет адекан Константин Давыдов.

Уралтәи аҳәынҭқарратә азиндырратә университет иатәу Азанааҭ еизырҳара аинститут аиҳабы Светалан Несмеианова .

Аҧсны  аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа  аекономикеи азиндырреи Ринститут аиҳабы Фатима Камкиа.

Аҧсны Жәлар Реизара Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа уҳәа.

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт