«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа – 30 шықәса : ашьақәгылареи ҧхьаҟатәи аҧеиҧши» III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа еиҿкаан Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети иара убас Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азиндырреи Ринститути рымчала.
Аҭҵаарадырратә конференциа шьақәгылан ҩ-хәҭак рыла.
Актәи ахәҭа аҟны иқәгылеит аконституциатә зиндырра аҟны аҧышәа змоу азанааҭдырыҩцәа.
Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ҧлиа – «Ауаажәларратә усура еиҿызкаауа азакәан Аҧсны Аҳәынҭқарра амчратә усбарҭақәа».
Аҧсны Жәлар Реизара Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа – «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа : ақәкы аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рҟны».
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азиндырреи Ринститут аиҳабы Фатима Камкиа – «Аҧсуа доуҳатә культура ахьчара Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵареи Урыстәыла Аҳәынҭқарра азакәанҧҵареи рыстратегиатә қәкқәа рҟны.
Аҭҵаарадырра-практикатә конференциа аҩбатәиа ахәҭа аҟны иқәгылеит аспирантцәеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет астудентцәеи.