Аҧсны Аконституциа ашьақәгылара 30 шықәса ахыҵра иазкны Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа имҩаҧнагоит ауснагӡатәқәа. Имҩаҧысран иҟоуп Азакәандырра иазку амчыбжь, уи иалагӡан имҩаҧгахоит анаҩстәи аусмҩаҧгатәқәа:
III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аҳәынҭқарратә мчра : ашьақәгылареи аусуреи рызҵаарақәа».
Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа – 30 шықәса : ашьақәгылареи ҧхьаҟатәи аҧеиҧши».
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭеи А.А.Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ Уаҧстәылатәи аҳәынҭқарратә университети рыбжьара аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра.
Аҧсны Аконституциа аҧҵара аҭоурых иазку афильм аӡыргара.
А.А. Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ Уаҧстәылатәи аҳәынҭқарратә университет адокументалтә фильм аӡыргара.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 30 шықәса ахыҵра иазку «Адырраҭара» аӡыргара.
Аҭоурых фотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.
Аусмҩаҧгатә ахьымҩаҧысуа : ақ. Аҟәа, Лакома имҩа 111.
Аусмҩаҧгатәқәа рыплан:
Абҵарамза 25
9:00-9:30 Ахьӡ Аҧша апарк аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара.
I ахәҭа. 10:00-12:00 III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аҳәынҭқарратә мчра : ашьақәгылареи аусуреи рызҵаарақәа» апленартә еилатәара.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 30 шықәса ахыҵра иазку «Адырраҭара» аӡыргара.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭеи А.А.Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ Уаҧстәылатәи аҳәынҭқарратә университети рыбжьара аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра.
Аҧсны Аконституциа аҧҵара аҭоурых иазку афильм аӡыргара.
12:10-12:40 Аҧсшьара аамҭа 12:45-16:00
II ахәҭа. Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа – 30 шықәса : ашьақәгылареи ҧхьаҟатәи аҧеиҧши».
III ахәҭа. Аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи рыҭҵаарадырра-практикатә конференциа : «Азакәандырра ҧхьаҟатәи аҧеиҧш».
Аҭоурых фотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.
Аусмҩаҧгатә ахьымҩаҧысуа : ақ. Аҟәа, Лакоба имҩа, 111.