Аҧсны Ауаажәларратә форум «Аиҿцәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара»

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

Аҟәа имҩаҧысит «Аиҿцәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара» ҳәа хыс измаз

 Ауаажәларратә форум. Уи еиҿыркааит ҳтәыла Ауаажәларратә Палата алахәылацәа.

Иазгәаҭатәуп, афорум аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны заа ишымҩаҧгаз ҳтәыла амчрақәа рхаҭарнакцәеи ауаажәларреи злахәыз астол гьежьқәа, Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәеи ауаажәларра рхаҭарнакцәеи реиҧыларақәа. Аиҧыларақәа рҟны ишьҭыхын адемографиеи аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиареи ирызку азҵаатәқәа.

Афорум аусура иалахәын Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Владимир Делба, Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиа, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩ Лиудмила Хоџьашьвили, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Ауаажәларратә форум аҟны ишьҭыхыз ажәалагалақәа рызкын :

Аҧсны адемографиеи арепатриациеи;

Ақыҭанхамҩа аус аизырҳареи аиҭарҿиареи;

Адгьылҵакыра ашәҟәы аҭагалара;

Аполитикатә реформақәа.

Афорум ахыркәшамҭаз Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гули Кьычба афорум арезолиуциа еиднакылаз  ажәалагалақәа раларҵәаразы азгәаҭақәа дрыҧхьеит. Арезолиуциа аҭҵааразы идгалахоит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада.

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2026 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт