III Жәларбжьаратәи афестиваль «Шәачатәи ааҧын»

Мшаҧымза 10 инаркны 12 нӡа Шәача имҩаҧысуеит III Жәларбжьаратәи  афестиваль «Шәачатәи ааҧын». Уи еиднакылеит Урыстәыла, Белоруссиа, Казахстан, Китаи уҳәа аҳәынҭқаррақәа рҟнытәи аиҳабыра анапхгараҭара аҟны аус зуеи, асоциалтә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи, абизнес еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи. Аҧснынтәи афестиваль ахь ааҧхьара рыман : Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ҧлиа,  Аҧсны  ауаҩы изинқәа рыхьчаразы амчра змоу Анас Кьышьмариа, Аҧсны аҳәса Реидгыла Ахантәаҩы Викториа Хәырхәмал уҳәа.

Афестиваль еиҿкааҩцәас иамоуп аҳәынҭқарратә еиҿкаара «Урыстәыла аҳәса Реидгыла».

Афестиваль аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп аилатәарақәа. Еиҿкаауп аиҿцәажәаратә платформақәа.

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт