Аҟәа имҩаҧысит II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Уи ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рыхьчара иазкын.
Аҭҵаарадырратә конференциа темас иаман - "Аҭаацәаратә институт ахьчара : ицәырҵуа ауадаҩрақәеи урҭ рыӡбареи".
Ас еиԥш иҟоу аконференциа мҩаԥысуеижьҭеи ҩынтәуп, еиҿкааҩцәас иамоуп Аԥсны Ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы иану аҳәынҭқарратә еилакы.
Аконференциа аусура лхы алалырхәит Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ԥлиа.