Ҳтәыла аҳҭнықалақь аҟны аусура иалагеит раҧхьатәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум. Уи қәкыс иамоуп Аҧсныи Урыстәылеи аекономика ахырхарҭала русеицура аҳәаақәа рырҭбаара, адәныҟатәи аимадарақәа рҳәаақәа рырҭбаара. Афорум аусура иалахәын Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиеи аӡбарҭа аӡбаҩцәеи.
Афорум апрограмма шьақәгылоуп Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭақәа ирызку астол гьежьқәеи апленартә еилатәарақәеи рыла.
Иазгәаҭатәуп, афорум алахәылацәа рхыҧхьаӡараҿы ишыҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла Ахада дызлоу аделегациа.
