Абҵарамза 26 1994 шықәса ҳтәылазы иалкаау мшуп. 28 шықәса ҵит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдыркылеижьҭеи, иара иагәылоуп аконституциатә шьақәгылашьа ашьаҭақәа, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рзы ахәдықәҵарақәа, ажәлармчра апринцип хадақәа, акзаара, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл мхышьа аҟамзаара, насгьы аҳәынҭқарратә мчра азакәанҧҵаратә, анагӡаратә, аӡбаратә ҳәа еихызшо аҧҟарақәа.
Абри амш аҽны ауп ианрыдыркылаз иахьа ҳҳәынҭқарра исуверентәу,идемократиатәу, изинтәу тәыланы иҟазҵаз Азакәан Хада.
Абри акрызҵазкуа амш аҽны Аҧсны жәлар ирыдаҳныҳәаларц ҳҭахыуп Аконституциа Амш, ирзеиҕьаҳшьоит атәыла аполитикатә ҧсҭазаараҟны аҭышәынтәалара, ҳажәлар аизҳазыҕьара рымазааит, иаҳгәалаҳаршәоит зымч-зылша, здыррақәа, зыҧсы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа раҧхьаӡатәи атекст аҧҵара иадызҵаз зегьы.