Конституционный суд Республики Абхазия поздравляет с 29 годовщиной Победы в Отечественной войне народа Абхазии 1992–1993 гг.

 Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

  Цәыббрамза 30 − Аҧсны Аҳәынҭқарразы ихадоу ныҳәоуп, ҳажәлари акыр зхызгахьоу ҳтәылеи рзы амилаҭтә гәадура иамшуп! Ари амш азын ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит аиааира аазгаз абиҧара − зыҧсҭазаарақәа ахҭынҵаны Аҧсадгьыл зыхьчаз.

  Ҳтәыла, уи атәылауаа, хатәгәаҧхарала иааны иеибашьыз аҧхьаҟатәи абиҧара аҭынч ҧсҭазаареи ахақәиҭреи рымазарц азы рхы иамеигӡеит. Аҧхьаҟа аҧеиҧш лаша ҳауразы зықьҩыла рыҧсқәа ақәҵаны иааргеит ари Аиааира.

  Аҵак ду змоу аныҳәа аҽны гәык-ҧсык ала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, ҭаацәарацыҧхьаӡа анасыҧ лаша! Аиааиреи уи азын агәалашәареи − ҳагәқәа, ҳус бзиақәа, ҳазлаго зегьы аҟны еснагь иҳацзааит!

Шәадныҳәалаз Аиааира Амш!

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт