Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!

Иахьа иазгәаҳҭо – Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш - аҵак дуӡӡа змоу ныҳәоуп!

2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара - аҭоурыхтә қәнага аиааира агара иасимволхеит. Нанҳәамза 26, Аҧсны жәлар шәышықәсала изеигәыҕуаз ргәыхәтәы анынагӡахаз мшны ҳҳәынҭқарра аҭоурых ианылеит. Аҧсны аполитикатә ҭоурых аҟны, ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҟны акрызҵазкуа хҭыс дуны иҟалеит. Ари амш ҳажәлар доуҳала реиҭеира иасимволхеит.

Жәларбжьаратәи азхаҵара Аҧсны алшара дуқәа азаанартит. Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара ирыҵаҩуп акрызҵазкуа аиқәшаҳаҭрақәа арра-техникатә, аҭҵаарадырратә, акультура, аҵараиура, агәабзиарахьчара, атуризм, аспорт аусхкқәа рыҟны. Урыстәыла стратегиатә партниорк аҳасаб ала хра злоу адгылара ҟанаҵоит ҳтәыла аҿиараҟны. 

Имариамызт ари амш ахь ҳназгаз амҩа. Аибашьра ду аҟны иган Аиааира. Уи ашьҭахьгьы ҳажәлар раҧхьа ишьҭан ашықәс хьанҭақәа, аха иҳалшеит  амамзаара, аблокада, уҳәа акыр ауадаҩрақәа ҳахганы, ихьыҧшым, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра еиқәырханы, уи ашьақәырҕәҕәара амҩа анылара.  Иахьагьы ҳамчқәа, ҳалшарақәа еибыҭаны, ҳҿаҧхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа риааира ҳалшоит.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҧеиҧш бзиа шәымазааит, аизыразра, аилибакаара, абзиарақәа шәықәзааит!

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт