Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аколлектив ишәыдырныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш.

Нанҳәамза 26, 2008 шықәса Аԥсны аҭоурых аҿы иаанхоит аҭоурыхтә иашареи ҳажәлар ргәазыҳәара анагӡареи ирымшны!

Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра агәаӷьра аарԥшны ирыдыркылаз аӡбамҭала Аԥсныжәлар шьакаҭәаралеи гәымшәаралеи иааргаз ахьыԥшымра иаиуит жәларбжьаратәи аофициалтә зхаҵара. Урыстәыла  иҟанаҵаз азхаҵара дара рзы иҿырԥшыгахеит егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы.

 Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара анаиу ашьҭахь аҿиараз иазаатит алшара ҿыцқәа. Урыстәылатәи Aфедерациа Аԥсны ианаҭо иалагеит ацхыраара асоциалтәи, аекономикатәи ҿиареи, аинфраструктуратә ргылареи русхкқәа рыҟны, иара убас ашәарҭадара аиқәыршәараҿгьы.

Аԥсны жәлар, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш шәыдаҳныҳәалоит! Аҳәынҭқарра аҿиараҿы еиԥҟьара аимоуааит аҭышәынтәалара, шьаҿа-шьаҿала аҩаӡара ҳаракқәа рахь икылызго! Иш́әзеиӷьаҳшьоит, имариам ҳазҭагылоу аамҭазы зегь ирыцку агәабзиара, агәамч! Ҭаацәара цыԥхьаӡа иагымхааит аҳәоуеиқәшәара, аизыразра, аилибакаара!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара

20. 08. 2021

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт