Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара алахәын Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара амш аҽны имҩаԥысуаз агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа, иара убас нанҳәамза 15 рзы хатәгәаԥхарала иеибашьауаз ргәаларшәара амш иазкны имҩаԥгазгьы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 29 шықәса аҵра инадҳәаланы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан Аԥсны Аџьынџьтәлатә аибашьраан иҭахаз аибашьцъа рбаҟаҿы.