Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа
адныҳәалара!
Ҳаҭыр зқәу ҳтәылауаа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан Хада-Аконституциа амш!
1994 шықәса, абҵарамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аҟны ирыдыркылаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан Хада- Аконституциа ишьақәнарӷәӷәеит 1992-1993 шықәсақәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшагас изауз, Аҧсныжәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара алҵшәақәа.
Аҧсны Аконституциа иреиҳаӡоу беиараны иазханаҵоит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи. Иара ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра зинеиҿкаарала еиқәнаршәоит. Азинтә система ҿыци иҭышәынтәалоу аполитикатә системеи рышьақәыргыларҿы ихадаратәны иҟоуп аконституциатә ҧҟаҧҵәақәа рықәныҟәареи урҭ рыхьчареи.
Аконституциаҟны иарбоу ахәшьара хадақәеи апринципқәеи аҧсҭазаараҟны рынагӡара, Азакәан Хада апрактикаҟны ишиашоу аусура алыршара, Аконституциаҿы ишьақәырӷәӷәоу ҳтәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи аҳәынҭқарра ишахьчо ажәаҟны адагьы аус аҿы ирнырыртә еиҧш аҟаҵара – абасала аконституциатә хылаҧшра еинеиҧынкыланы амҩаҧгаразы еиҿкаауп ҳусура.
Акыр иаҧсоу ҳтәылауаа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара, ажәҩан цқьа!
Ҳаҭырла,
Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Н.А. Ҭаниа