Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Ӡбара Аԥсны Жәлар зегьи ирыдырныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш!
Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи 11 шықәса аҵра. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара – ҳҳәнҭқарра аполитикатә ҿиареи аԥсуа жәлар 1992 – 1993 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз Аиааиреи ирылҵшәахаз, алогика иахылҿиааз изакәанырку ӡбамҭоуп. Урыстәылатәи Афедерациа ҳаназханаҵа ашьҭахь ҳхьыԥшымра азхарҵеит иара убас Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара иалахәу ҳәынҭқаррақәагьы.
Аԥсны Жәлар рхьыԥшымра азхарҵаанӡа ианысит иуадаҩыз, иеиԥырҟьамыз амҩа, 1999 шықәсазы имҩаԥыргаз ареферендум аҟны иаадырԥшит ирымаз агәазыҳәара, еицҿакны иазхарҵеит аус зуаз Аконституциа, Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, азинтә, демократиатә ҳәынҭкарроуп ҳәа рылазҳәо, анаҩсан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы Акт рыдыркылеит, ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аполитикатә ҿиара жәларбжьаратәи-азинтә принцип хадақәа ишрықәшәо азгәазҭо.
Жәларбжьаратәи азхаҵара ҳтәыла аҿиара еиӷьызтәуа аамҭа ҳәаақәнаҵеит, ашәарҭадареи аекономикатә ҿиареи раамҭа ҳҭанаргылеит. Иахьазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра, ижәытәӡоу аҭоурых змоу, аконституциатә идеалқәеи абеиарақәеи ирықәныҟәо ҳәынҭқаррак аҳасабала, иаиуеит алшара ԥхьаҟатәи аҿиараҟны ашьаҿа ӷәӷәақәа реихгаразы.
Аԥсны Жәлар зегьи ирзеиӷьаҳшьоит ашәҭыкакаҷра, ақәранҵыра ду, аполитикатә ҭышәынтәалара, аҭынчра!