Цәыббрамза 18 рзы Санкт-Петербург аусура иалагеит Аҧшьбатәи Евразиатәи аҳәса рфорум. Афорум аусура далахәуп Аҧсны Аконституциатә ӡбара ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳа.
Уи атема хада : «Аҳәса – аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи агәреибагара ашьақәырӷәӷәареи рҟны». Еиҿкаауп Урыстәыла Жәлар Реизара Асовети Жәлар Реизара аҟны иаҧҵоу Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла Ассамблеиеи рыбзоурала.
Евразиатәи аҳәса рфорум еиднакылоит –150 тәыла рҟынтәи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, аҳәынҭқарра анапхгараҭарақәа, аҭҵаарадырра, аполитика уҳәа знапы рылаку аҳәса-анапхгаҩцәа.
Аҧсны Аконституциатә ӡбара ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳа афорум Ассамблиа «Агәреибагара абжьаҵара зегьы еицырзеиҧшу аус анагӡараҿы» аҟны дықәгылеит. Лықәгылараҟны иазгәалҭеит : « Афорум алшара бзиақәа аанарҧшуеит аҭҵаарадырра, азиндырра, акультуратә хырхарҭақәа рырҿиараҟны. Иҭышәынтәалам аамҭазы ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицуразы алшара бзиақәа ҳзаҧнаҵоит. Иаҳнаҭоит алшара актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәареи рыӡбареи рҟны».
Афорум апленартә еилатәараҟны дықәгылеит Урыстәыла аҳәынҭқарра Ахада Владимир Путин. Уи иқәгылараҟны Евразиатәи аҳәса рфорум жәларбжьаратәи афорумқәа рҟынтә иаликааит, иара иҳәеит ари афорум алшарақәа шыҭбаау ҳаамҭазы аҧҳәызба-аҧхьагыла лылшарақәа раарҧшраҿы.