Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара : Аконституциатә усӡбарҭа ахантәаҩы Ҧлиа Д.Е. лхантәаҩрала, аӡбаҩцәа : Хоџьашвили Л.П., Ҭаниа Н.А., Бигәаа А.З.,
иаарту аилатәараҟны иахәаҧшит Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Шьониа Т.В. Аҧсны Аконституциатә усӡбарахь иааишьҭыз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаус-процессуалтә закәан 392 ахәҭаҷи 281 ахәҭаҷ 5 апункт 2 ахәҭеи 108 ахәҭаҷ 3-7 ахәҭақәеи, 237 ахәҭаҷ 3-4 ахәҭақәеи рконституциатә закәан шьаҭа агәаҭаразы аус.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 72 ахәҭаҷ, иара убас аконституциатә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа : 3, 6, 42, 71-74, 76-77, 84, 99, 100-103 инарықәыршәан ирыдыркылеит ақәҵара :
1.Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаус-процессуалтә кодекс аҧҟара 392 ахәҭаҷ 1 ахәҭа, 281 ахәҭаҷ 2 ахәҭа 5 апункт Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иашьашәалоуп ҳәа иазхаҵазааит.
2.Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаус-процессуалтә кодекс аҧҟара 392 ахәҭаҷ 1 ахәҭа, 281 ахәҭаҷ 2 ахәҭа 5 апункт, зыӡбахә ҳәоу Ақәҵараҿы иаарҧшу Аконституциатә-зинтә ҵакы зегьы рзы ихымҧадатәиуп, уа иаагоу аилыркаара азинхархәаратә практикаҿы даҽа еилыркаарак амазарц залшом.
3.Аконституциа ақәымшәаразы ихацырку агәаҭарақәа рзы аус ахәаҧшра аанкылазааит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаус-процессуалтә кодекс 392 ахәҭаҷ 2 ахәҭа, 108 ахәҭаҷ 3-7 ахәҭақәа, 237 ахәҭаҷ 3 ахәҭа, насгьы 237 ахәҭаҷ 4 ахәҭа иахьрыҵанакуа.
4.Аконституциатә ӡбара Азыӡба ҵыхәаҧҵәала иӡбоуп, азашшра ақәым, ианрыларҳәа нахыс амчра аиуеит, даҽа ҳәынҭқарратә органқәаки, аҭыҧантәи ахала-напхгара аоргани урҭ рмаҵзурауааи рҟынтәи арҵабыргра, ашьақәырҕәҕәара аҭахны иҟам.
5.Ирыдыркылаз Ақәҵара Аконституциатә ӡбара аинтернет-саити «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа Адырраҭареи» рҟны икьыҧхьхоит, иара убасгьы арзаҳал алазҵази егьырҭ асубиектқәеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра аконституциатә иурисдикциазы Акодекс 76 ахәҭаҷ 2-3 ахәҭақәа инарықәршәаны ирзышьҭхоит.
№ 01-ПКС/2024