Ԥлиа Диана Едуард-иԥҳа диит цәыббра 15, 1967 шықәсазы Аԥснытәи АССР Гәдоуҭа ақалақь аҟны.

1984 шықәсазы далгеит Аҟәатәи азеиԥшҵараиурҭатәи абжьаратә школ № 20.

1989 шықәсазы диплом ҟаԥшьыла далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет«Азинҭҵаара» азанааҭ ала.

1989 шықәса инаркны аус луан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет «Аҳәынҭқарреи азини» ркафедраҟны.

1991 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы еиҳабыс, доцентс,«Аҳәынҭқарреи азини» ркафедра аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус луеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа Аиуристтә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Административтә зин иазку аҭҵаарадырратә усумҭақәа 10 инареиҳаны дравторуп.

2007 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа – О. Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә академиа ҽынлатәи аҟәша даспирантуп. 2013 шықәса аахыс аиуристцәа жәларбжьаратәи Реидгыла акоординациатә хеилак далахәылоуп.

2015 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩыс дҟаҵоуп.

Жәабранза, 2017 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара – Апарламент ақәҵарала (№ 4361-с-V 10.02.2016 ш.) далхуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩыс, илыхҵоуп иреиҳаӡоу аквалификациатә класс.

Иланашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистрреи, О. Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә иуристтә академиеи, Урыстәылатәи Афедерациа аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи, Н. И. Лобачевски ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә университети раҳаҭыртә шәҟәқәеи рдипломқәеи.

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа ахшара дрануп.

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АКОНСТИТУЦИАТӘ ӠБАРА