Цәыббра 30 – ҳтәылаҟны иазгәарҭоит ажәлар рмилаҭтә хақәиҭратә қәҧара символра азызуа Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш.
Нанҳәамза 14 1992 шықәса рзы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа бџьарла еиқәных Аҧсны иалалеит.
413 мшы ицоз аибашьра еилгеит цәыббра 30 1993 шықәсазы. Уи аҽны аҧсуа еибашьцәа аӡиас Егры аҳәааҟны инаӡеит. Аҳәааҟны ишьақәдыргылеит аҧсуа бираҟ.
Аибашьра аҟны ақәкы хада нанагӡон цәыббратәи аҳҭнықалақь аҭарцәра иазкыз ажәыларақәа. Ақалақь Аҟәа аҭарцәра 11 мшы ицон. Уи иацын ацәыӡ дуқәеи аҧсыҭбарақәеи.
Цәыббра 28 1993 шықәса рзы Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа реибашьцәа еиниеит Кәыдры аӡиас ацҳаҟны. Уи аҽны еилкаан – Аҧсны ахы иақәиҭтәын.
Цәыббра 30 аҧсуа жәлар рҭоурых аҟны иалкаауп – Аиааиреи Ахьыҧшымреи ирымшны.
Ари амш аҽны иргәаладыршәоит уи амш зхы ахҭнызҵаз аибашьцәа, иҭабуп ҳәа рарҳәоит иаанханы иҟоу аветеранцәа.
Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи аилазаара ахаҭарнакцәеи ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахақәиҭра Апарк аҟны, иара убас иаҭааит Аҧсны Раҧхьатәи Ахада – Владислав Арӡынба иҳаҭгәын.