АЖӘАБЖЬҚӘА

«Анапхгараҭара азин амч ала» Урыстәыла имҩаҧысит IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиа цәыббрамза 30 рзы   Урыстәыла Ахадара аҵаҟа иҟоу азакәанҧҵареи азинҭҵаарадырра аиҿырҧшреи Ринститут аҟны имҩаҧысыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа далахәын. Сынтәа уи хыс иамн «Анапхгараҭара азин амч ала», изкын  Урыстәыла еицырдыруа аҵарауаҩ, апрофессор, административтә закәан аҿиара зыхьыӡ адырҳәало Иури Тихомиров . Иара иҭҵаарақәа шьаҭас ирымоуп ҳаамҭазы анапхгараҭара аҟны азин амч ахархәара.

Аҭҵаарадырра-практикатә конференциа шьақәгылан ахырхарҭақәа рыла , урҭ иреиуан :

- Административтә зин : атрадициақәеи ҳаамҭазтәи аҧышәарақәеи ;

- Аҳәынҭқарра, анапхгараҭаратә мчра, анапхгараҭаратә зин ;

- Аиҿырҧшратә зин : амилаҭтәи жәларбжьаратәи алаҧшҳәааи рҟны ;

- Иҿыцу аамҭазы азакәан анапхгараҭараҟны мыругак аҳасаб ала ;

Диана Ҧлиа лажәахә Урыстәыла анапхгараҭаратә мчра хадара зуа аилкаарақәеи инанагӡо ақәкқәеи ртәы иазкын.

«Ҳаамҭазы азинмчра аҧхьа ицәырҵуа  азҵаатәқәа маҷым, урҭ ҳаамҭа иақәшәо разнеиразы, ицәырҵуа азҵаатәқәа рыӡбаразы ибзиоу уснагӡатәуп  аҧышәа аимадара иазку аҭҵаарадырратә уснагӡатәқәа, - ҳәа азгәалҭеит уи лажәахә хыркәшо.