Поздравление с Днем Победы в Великой Отечественной войне 1941-45 гг.

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны атәылауаа!

   Акыр иаҧсоу аветеранцәа!

   Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит аныҳәа ду – Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира  амш! Маи 9 ҳара ҳзы акрызҵазкуа, хьӡи-ҧшеи змоу, иҧшьоу ныҳәоуп, ҳаҧылоит даҽа ныҳәак иаламҩашьо цәаныррала! Ажәларқәа рзеиҧш тәыла зыхьчоз (1941-1945шш.) инарылагылеит Аҧсны аҵеицәа гәымшәақәагьы. Аҧсны аҵакырадгьыл аҟны иҟам, шамахамзар, ҩнаҭак Аибашьра Ду зхьымсыз. Ари амш агәырӷьареи агәалашәареи инарываргыланы иацуп алахьеиқәра, миллионҩыла аибашьцәа фырхаҵарыла  рҭахара. Анацизм иаҿагыланы ақәҧараҿы ҳабацәеи ҳабдуцәеи иаадырҧшуан агәымшәара, ахамеигӡара, агәаӷьра! Аҧсныжәлар аибашьра аамҭазы ирылдыршаз маҷым афронт ацхыраара аҭаразгьы, уахгьы-ҽынгьы аус руан ааглыхреи ақыҭанхамҩеи русзуҩцәа.

   Адунеи ауаатәыҩса афашизм аҟнытә реиқәырхаразы  еибашьуаз абиҧара рыхьӡ-рыҧша ахааназ иӡуам, иагьа аамҭа царгьы хашҭра рықәымкәан аҭоурых аҟны иаанхоит. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа  агәаларшәара иарӡуам аамҭақәа реимадара, еиднакылоит аҭынчра зҭаху ауаа. 

  Аџьынџьтәылатәи аибашьраан аиҳабыратәи абиҧарақәа зышьаҭа рҳаз аиҩызареи, аицхыраареи, аидгылареи Урыстәылеи Аҧсни раҧхьаҟатәи реизыҟазаашьақәа рҿы иҿиааит, иӷәӷәахааит!

     Аҧсныжәлар зегьы ишәзеиӷьаҳшьоит ажәҩан цқьа, аҭынчра наӡа, агәабзиара, ақәранҵыра ду!

 

 

Аконституциатә ӡбара

Ахантәаҩы                                                                                                                                Хоџьашвили Л.П.

      

 

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт