Ҳаҭыр зқәу ҳтәыла ауаажәларра!

 

   Гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит  ааҧынреи аџьеи рымш!

   Лаҵарамза 1  - абри амш бзиа еицырбоит абиҧарақәа зегьы. Аџьаус апатуқәҵара иахьӡырҳәагоу мшуп. Аџьа абзоурала ауааҧсыра рымшхәыбзазара еихаҳахоит, ҳтәыла аҿиара аҩаӡара ашьҭыҵра алнаршоит. Шаҟа гәык-ҧсыкала  ҳусқәы рынагӡара ҳазнеиуала убриаҟара ҳаҧсҭазаареи ҧхьаҟатәи ҳабиҧарақәа рҧеиҧши еиӷьхоит.

Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аџьа аветеранцәа, зыҧсҭазааратә мҩа зыжәлари зыҧсадгыли рзы аџьабаабара иазызкыз, зус анагӡара ҧсыцқьала иазнеуиаз! Абас еиҧш аус азнеишьа ҿыц еиҵагыло аҿар арылаӡаара адоуҳатә беиарақәа ирыхәҭа хадазароуп!

Иахьатәи амш иарҿыхааит агәалашәара ссирқәа, иаҳзаанагааит  ҳамчи, ҳашареи рыгәрагара! Аҧсҭазаара аиҭарҿиареи, аршәҭакакаҷреи рзы гәаҳәара дула иарҭәааит шәгәалаҟара!

 

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра

Аконституциатә ӡбара

ахантәаҩы                                                                                                                                Л.П. Хоџьашвили

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт