АЖӘАБЖЬҚӘА

Аҧсны Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш : Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы иҟалҵаз адныҳәалара

Аҧсны Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш : Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы иҟалҵаз адныҳәалара

Нанҳәамза 26 ҳтәылаҟны иазгәарҭоит Аҧсны Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш.

 

18 шықәса раҧхьа Урыстәыла ахадара Аҧсныи Аахыҵ-Уаҧстәылеи аҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымра азхарҵеит. Ҳҭоурых аҟны ари акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит.

Аҧсны Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҳаҭыразы Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ҧлиа ҳтәыла ауааҧсыра дрыдныҳәалоит :

« Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахьӡала, иара убас сара сыхьӡ ала ишәыдаҳныҳәалоит Аҧсны Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш!

Ари арыцхә ҳҭоурых адаҟьақәа ирнылеит ҳмилаҭ аҭынчреи ахақәиҭратә қәҧареи рахь ирымаз агәацҧыхәара ирсимволны.

Раҧхьа инаргыланы, ари амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи азаазгаз, зыҧсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз. Урҭ иаадырҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи ҿырҧшыгоуп ҳара ҳзы.

Аҧсны иқәынхо ҳауаажәлар ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, ҳтәыла аҧеиҧш бзиа!».