Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарта Аԥсны атәылауаа ирыдырныҳәалоит АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИРАҞ АМШ!

Аҳәынҭкарратә бираҟ аҳәынткарреи ахьыԥшымреи иузырҟәымҭхуа символуп, ҳтәыла иаҳҭнагахьоу аҭоурых дуӡӡеи ԥхьаҟатәи ахықәки ирҳҿырбагоуп.

Ԥхынгәымза 23, 1992 шықәсазы иҟалеит аҭоурыхтә ҵакы змаз ахҭыс - Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет, Арӡынба Владислав ихантәаҩрала, ишьақәнарӷәӷәеитАҳәынҭкарратә бираҟи Аҳәынҭкарратә герби.

Ԥхынгәымза 23, 2007 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент иаднакылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭкарратә бираҟ азы Аконституциатэ закәан, убри инамаданы аҳәынҭқарратә бираҟ Амш официалла иазгәарҭо ҳәынҭқарратә ныҳәоуп.

Аҧсны жәлар ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара ӷәӷәа, аҭынчра, аманшәалара, ихьыԥшым, иҭышәынтәалоу, ишәҭыкакаҷуа атәыла!

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт