Print this page

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Аппарат ахаҭарнакцәа Аиааира Ду 80-шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатә рхы аладырхәит

Урыстәыла аҳәынҭқарра анапхгараҭара иатәу Азакәанҧҵареи Аиҿырҧшратә Зини Ринститути, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи, аҭоурыхтә еилазаареи рымчала еиҿкаан Аибашьра Ду аҿы игаз Аиааира 80-шықәса ахыҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.

Аконференциахь ааҧхьара рыман Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Аппарат ахаҭарнакцәа, иара убас Жәлар Реизара – Апарламент аусзуҩцәа, Аҧсны Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәа,  Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра уҳәа ҳтәыла  амчрақәа  рхаҭарнакцәа.

Аҭҵаарадырратә конференциа аҟны ирзааҭгылан аибашьра аамҭақәа раан азакәан амчра, ақәкы, уи алша  Аиааира агара ус аҟны. Ирзааҭгылан ҳаамҭазы азакәан иамоу амчра, ауаҩ изинқәа рыхьчараҿы уи иалнаршо  уҳәа реиҧш иҟаз азҵаарақәа.

Жәларбжьаратәи аконференциа аҭҵаарадырра  ахәҭа анаҩс игәылырҭәаан аҭоурых аиқәырхареи агәаларшәареи ирызкыз ауснагӡатәқәа рыла.