Print this page

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны атәылауаа!

22 Ԥхынгәы 2022

Гәык-ҧсык ала ишәыдсныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш!

  1992 шықәса ҧхынгәымза 23 рзы, атәылаҿы  ауаажәларра- политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, Владислав Арӡынба хантәаҩыс дызмаз Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ишьақәнарҕәҕәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟи Аҳәынҭқарра агерби. Атәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҟны  ари акрызҵазкуа хҭысхеит.

  Ҳара аныҳәа азгәаҳҭоит ҳтәыла ҳгәы аздуны, ҳаҧсадгьыл ахь абзиабара ду ҳаманы.

  Ари акрызҵазкуа амш аҽны, Аҧсны атәылауаа зегьы ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара ҕәҕәеи аныҳәатә гәалаҟазаареи!