Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Ӡбара Аԥсны Жәлар зегьи ирыдырныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш! Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи 11 шықәса аҵра. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара – ҳҳәнҭқарра аполитикатә ҿиареи аԥсуа жәлар 1992 – 1993 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз Аиааиреи ирылҵшәахаз, алогика иахылҿиааз изакәанырку ӡбамҭоуп. Урыстәылатәи Афедерациа ҳаназханаҵа ашьҭахь ҳхьыԥшымра азхарҵеит иара убас Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара иалахәу ҳәынҭқаррақәагьы. Аԥсны Жәлар рхьыԥшымра азхарҵаанӡа ианысит иуадаҩыз, иеиԥырҟьамыз амҩа, 1999 шықәсазы имҩаԥыргаз ареферендум аҟны иаадырԥшит…