АЖӘАБЖЬҚӘА

Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаҧысит Азакәан Хада адкылара 32-шықәса ахыҵра иазкыз астол гьежь

Жәлар Реизара-Апарламент аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аконституциа адкылара 32-шықәса ахыҵра иазкыз астол гьежь. Уи иалахәын Жәлар Реизара Апарламент Актәи аилазаара инаркны еиуеиҧшым ааҧхьарақәа рдепутатцәа.

Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы еизаз ирыдылныҳәалеит иааиуа Аконституциа Амш ныҳәа.

«Ҭыҧс иааннакылои Аконституциа ауаҩы иҧсҭазаараҟны? Азиндырҩы изы - Азакәан Хада инаҭоит азиндырратә мчы. Ауаҩы изы –Аконституциа  ақәкы хада анагӡара иалагоит изин ахьчараан », -ҳәа  азгәалҭеит Диана Ҧлиа.

Аҧсны Ахәынҭқарра Азакәан Хада рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Асовет аилазаара рылшарала абҵарамза 26 1994 шықәсазы.  Ишьақәдырӷәӷәеит амилаҭ рыбжьаҭарала жьҭаарамза 3 1999 шықәсазы.

Диана Ҧлиа лажәахә аҟны  Азакәан Хада ихадоу хәҭаҷқәак ахҳәаа рылҭеит, дазааҭгылеит азакәан ахылаҧшраҟны Аконституциатә ӡбарҭа инанагӡо ақәкы.