АЖӘАБЖЬҚӘА

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҟны иаатит Аҧсуа Азиндырра амчыбжь

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаатит Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа 10-шықәса ахыҵра иазкыз Аҧсуа Азиндырра амчыбжь.

Аконституциатә ӡбарҭа аиҳабы, азинҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ адоцент Диана Ҧлиа лажәақәа рыла, сынтәа Аҧсуа Азиндырра амчыбжь зегьы жәларбжьаратәи азин иазкуп, иазгәаҭоуп уи  иазку  астратегиатә еилатәарақәа.

Жәларбжьаратәи аекономикатә зинчмра иацу ауадаҩрақәеи, ҳамҭазы азиндырра знапы алаку рҿаҧхьа ицәырҵуа азҵаатәқәеи  ирызкыз алекциа азиндырреи  аҭоурыхи  рфакультетқәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҟәша астудентцәеи рзы  алекциа  даҧхьеит Урыстәыла  Аекономикатә ҿиара Аминистрра иатәу адәныҟатәи ахаахәҭра  Академиа  жәларбжьаратәи азин акафедра апрофессор, азинҭҵаарадыррақәа рдоктор Анаит Смбатиан.

Аҵарауаҩ дырзааҭгылеит жәларбжьаратәи аекономикатә зинмчра ирыцу ауадаҩрақәеи ҳаамҭазы азиндырыҩцәа иӡбатәны рҿаҧхьа ицәырҵуа  азҵаатәқәеи. Еиҿлырҧшит еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рзинаҧҵара шьышьақәгылоу, иаалгеит аимак зыбжьаз аҳәынҭқаррақәа рҭоурых, дрылацәажәеит ауадаҩрақәа рыӡбараҟны азиндырыҩцәа рзанааҭдырреи рҧышәеи аҟны хадара зуа алылкааит, астудентцәа ирыцеиҩылшеит лҧышәа.