Print this page

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭеи Аахыҵ-Уаҧстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵеит

23 Нанҳәа 2025

 

 

 

 

 

 

 

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳаи  Аахыҵ-Уаҧстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Витали Џьоеви ҧхьаҟатәи аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.

Амеморандум қәкыс иамоуп азиндырреи аҭҵарадырреи ахырхарҭақәа рыла аҩганк русеицура.  Уи иалнаршалоит аҧышәа аимадара, аҩганк еицырзеиҧшу азиндырреи аҭҵаарадырреи ирызку ауснагӡатәқәа реиҿкаара, реицымҩаҧгара. Аӡбарҭақәа рзанааҭдырыҩцәа рҧышәа аимадара, аизырҳара.

«Ас еиҧш иҟоу амеморандум анапы аҵаҩра иалнаршоит аешьара ҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа арҭбаара. Шьаҿа ҿыцхоит рзиндырреи жәларбжьаратәи русеицуреи аҿиараҿы», - ҳәа азгәалҭеит Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳа.