Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭеи Сибратәи ахархәаратә кооперациақәа руниверситети аусеицуразы амеморандум рыбжьарҵеит.
Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳаи Сибратәи ахархәаратә кооперациақәа руниверситет аректор Валентина Иван-иԥҳа Бакаитиси.
Знапы зҵарҩыз амеморандум аҩганк рыбжьара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны аусеицуразы алшарақәа раҧҵареи ҧхьаҟатәи русеицуреи алнаршоит. Иара убас уи еицырзеиԥшу арҵагатә программақәеи апроектқәеи, азанааҭтә ԥышәа аизырҳареи ирызкуп.
Аусеицура ахырхарҭа хадақәа:
1.Азакәантә анализи аиҿырԥшратә закәани:
- Амилаҭтә зинтә системақәеи, азакәанԥҵаратә актқәеи, аусӡбарҭатә зинқәеи рзы аԥышәеи адыррақәеи реимадара.
- Азакәантә нормақәеи астандартқәеи реиқәшәаразы аметодологиатә абжьгарақәа реицҭҵаара.
- Аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа:
- Аконституциатә зин, аекономикатә еизыҟазаашьақәа рзинтә еиҿкаара, егьырҭ актуалтә зҵаарақәа рзы еицырзеиԥшу аҭҵаарақәа рымҩаԥгара.
- Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рылацәажәареи абжьгарақәа рыҟаҵареи рзы аконференциақәеи, асеминарқәеи, адискуссиатә платформақәеи реиҿкаара.
- Иалкаау аҵара:
- Аӡбаҩцәеи, аӡбарҭақәа русзуҩцәеи, егьырҭ азакәандырҩцәеи рзы иҿыцу аҵаратә программақәа реиқәыршәареи рынагӡареи.
- Астудентцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рзы аҧышәа аизырҳара иазку акурсқәа реиҿкаара.
Акультуратә еимдара:
- Акультурабжьаратәи аиҿцәажәареи аилибакаареи рырӷәӷәара иазынархоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара.
- Аексперттәи аналитикатәи усмҩаԥгатәқәа:
- Актуалтә зинтә зҵаарақәа рзы еицырзеиԥшу аексперттә хәшьарақәеи аналитикатә ҭҵаарақәеи.
- Азакәантә еиҿкаареи азакәанхьчаратә практика аиӷьтәреи рзы ажәалагалақәа рыҟаҵара.
Иарбоу амеморандум аганқәа рыбжьара хара имгакәа аҩганк рзы ихәарҭоу аусеицура ашьаҭа шьақәнаргылоит.