Print this page

Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵит !

09 Лаҵара 2025

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵит.

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи аппарат ахаҭарнакцәеи рхы аладырхәит агәаларшәаратә уснагӡатә. Идырым асолдаҭ иҳаҭгәын аҧхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Лаҵарамза 9 рзы иргәаладыршәоит аибашьра адәаҟынтәи ихнымҳәыз аибашьцәа, иҭабуп ҳәа рарҳәоит зыҧсы ҭаны ихынҳәыз аветеранцәа.

 1941 шықәсазы аибашьра ианалага , Асовет Еидгыла ажәларқәа зегь реиҧш,  азеиҧш ҧсадгьыл ахьчара Аҧснынтәи ицеит ҩынҩажәи жәохә нызқь инарзынаҧшуа  ахьчаҩцәа. Аибашьра адәаҟынтәи ихнымҳәӡеит жәибжь нызқьҩык инареиҳаны. Урҭ рахьтә ҩажәи ҩыџьаҩык Асовет Еидгыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаҧсахеит.