Print this page

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира ахьӡала Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы лыдныҳәалара

09 Лаҵара 2025

Ҳаҭыр зқәу, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәеи атәылауааи! Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ахьӡалеи хаҭала сыхьӡалеи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 80-шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит!

 Ари амш аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа,  агәалашәара зцу мшуп. Ҳара иаҳгәалаҳаршәоит  аамҭа уадаҩқәа ирхысны зыҧсадгьыл ахьчара зылшаз афырхацәа, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аветеранцәа.

Аибашьра аҟны игаз Аиааира иарҵабыргит ишәылаз аидгылареи аҧсадгьыл ахь ишәымаз абзиабареи.

Ҳаҭыр зқәу, аветеранцәа, Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит Аиааира Ду амш ныҳәа. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аҭынч ҧсҭазаара!

 

Ҳаҭырла, Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳа.