Print this page

Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳа лхы алалырхәуеит Евразиатәи аҳәса рфорум.

16 Цәыббра 2024

Цәыббрамза 18-20 нӡа Санкт-Петербург имҩаҧысран иҟоуп  Евразиатәи аҳәса рфорум. Афорум  атема : «Аҳәса – аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи агәреибагара ашьақәырӷәӷәареи рҟны». Ишьақәгылоуп аҟәшақәа хәба рыла.

Евразиатәи аҳәса рфорум еиднакылоит – жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, аҳәынҭқарра анапхгараҭарақәа,  аҭҵаарадырра, аполитика уҳәа знапы рылаку аҳәса-анапхгаҩцәа. Афорум аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьҭырхуеит аусеицуразы  актуалра злоу азҵаарақәа.