Print this page

Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара амш

16 Нанҳәа 2019

 

Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара алахәын Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара амш аҽны имҩаԥысуаз агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа, иара убас нанҳәамза 15 рзы хатәгәаԥхарала иеибашьауаз ргәаларшәара амш иазкны имҩаԥгазгьы.

Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 27 шықәса аҵра инадҳәаланы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан Аԥсны Аҳәнҭқарра Раԥхьатәи Ахада Арӡынба Владислав имемориал аҟны, иара убас 1992-1993 шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәлатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иеибашьуаз иҭахаз рбаҟаҿгьы.